Иахантәарак иауаз ақәаршҩы ҕәҕәа иахҟьаны, Очамчыра араион ақыҭақәа жәпакы рҟны аҧхасҭа ҟалеит

Иахантәарак иауаз ақәаршҩы ҕәҕәа иахҟьаны Очамчыра араион Араду, Кәтол, Џьгьарда, Ҕәада, Аҭара ақыҭақәа аҧхасҭа роуит. Араду икаҳаз аҵла аҩны иақәҳаит. Аӡиасқәа ирхыз ацҳақәа ахьагаз ыҟоуп џьара-џьарагьы иажәагәеит, икаҳаит афымцацәаҳәақәа. Џьгьарда акәзар, абыргцәагьы иргәалашәом ас еиҧш Дҕамшь аҭра иҭыҵуа. Аҧсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра аусзуҩцәа амшцәгьа ахҟьа-ҧҟьақәа раҧырҟәҟәааразы аусурақәа еиҿыркаауеит. Атәыла ахада Аслан Бжьаниа шьыжьнаҵы аӡхыҵра ахьыҟалаз аҭыҧқәа дырҭааит, амшцәгьа анхацәа ирнаҭаз аҧхасҭа иблала ибаразы. Ажәабжь иацылҵоит Фатима Гьергьиаҧҳа.

Пікірлер

    Келесі